Мышқәак рнаҩыс 33 шықәса ҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи.
Ашьа, ахьаа, алабжыш зцыз шықәсыки мызки жәаф мши ирҭаӡеит зеиҭаҳәара уадаҩу ахҭысқәа. Аха аханатә иҟан ҳажәлар риашара агәрагара, агәымшәара, ахамеигӡара.
Зыԥсадгьыл ақәылаҩ изымҭаз Аԥсны аҵеицәа иашақәа ирыхҭыргаз, изхысыз, изҵысыз аҭоурых игыло абиԥара ҿыцқәа ирымадазар ахәҭоуп!
Ус исыԥхьаӡон, 1993 шықәса март 13 рзы авидеокамера шьҭыхны, аԥхьатәи ацәаҳәаҟны аҭыхрақәа санрылагоз. Уи шаҭаху агәра згоит иахьагьы.
Аибашьра адәаҿы иҟаҵаз авидеонҵамҭақәа ирылху адокументалтә фильмқәа иҟаз шыҟаҵәҟьаз, ахәҭакахьала акәзаргьы, ирызҳәозар, ҳаҷкәынцәа хазынақәа рхаҿы лашақәа сызцәыргозар, сара ари адунеи аҟны смиссиа насыгӡеит ҳәа исыԥхьаӡоит.
Арҭ амшқәа рынахыс, 50 хәҭа змоу адокументалтә фильм «Аибашьра амшынҵа» ҭагалахоит сара с-Иутуб-канал аҟны https://www.youtube.com/@talijapua4769
Ҳаҭырла, Ҭали Џьапуаԥҳа.
