Уаҵәы ҳиааира иамшуп. Ҳиааира - ишьақәзыргылаз, акыраамҭа иаҳцәыӡны иҟаз ҳхақәиҭра. Зхы иақәиҭуа ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, ҳанхартә ҳанҵыртә, ҳхала ҳԥеиԥш ҳаӡбалартә, алшара ҳауит.
33 шықәса аҭоурых азын ирацәам аха, ауаҩытәыҩса изын, аԥсҭазаарак ыҟоуп (Христос уи аҟара ауп иниҵыз). Аӡәы итәы сҳәом, избан уаҵәтәи амш гәырӷьара ҳәа сара хаҭала акагь зысзацым. Ҳәарада иҭахаз, хнырҳәышьа змам аԥсыҭбара, уи гәырӷьарамшны иҟанаҵом. Уи амш даҽа мышкы иеиԥшымкәа, ҳиааира зыԥсы ақәызҵаз угәаланаршәоит. Хьӡы згаз ирызкны, ус иаԥуп, абаҟакәа дыргылоит, амузеиқәа аԥырҵоит, анаҩстәи абиԥарақәа ирдыруазарц рҭоурых, ирдыруазарц аиааира рзаазгаз рфырхацәа. Уи аиааира ззааргаз аҳәынҭқарра иауалԥшьоуп, урҭ рыхьӡ амырӡра, анаӡаӡатәра.
Дарбан хараԥшҩы политику изыӡбаз, иҭахаз рбаҟақәа, рхы зқәырҵаз рыԥсадгьыл акәымкәа, атәымҳәынҭқарра ахарџьқәа рыла аргылара ауеит ҳәа? Ҳара макьана аибашьра иацәынханы иҟоу, капеи капеи еилаҳаԥсаргьы, шәанаџьалбеит, ҳамч ақәхартә иҟоуп.
Ҳчынуаа, шәара шәқьақьа, шәкаиа, шәҳәаркьи, ада ԥсҭазаашьа шәымамзар, аха избан аиааира ду згаз ажәлар, атәымҳәынҭқарра аҿаԥхьа ҳзылашәырҟәуа?
Зфырхацәа рбаҟа аргылара азын, атәымҳәынҭқарраҿ аԥара иаҳәаз ачынуаа, жәлары зегь, хьымӡӷ ҳшәыргеит. Ҳиааира аҿаҟәара, аларҟәра, аҵакыдатәра ауп, ари иаанаго. Шәымш ала, иҭахаз рҿаԥхьа, ҳшыбзаз ҳаԥсит.
