Шьоук реиԥш, адуи амаҷи ҳәа, аԥсадгьылқәа рацәаны измоу сахьреиуам акәу, аԥсуа идунеи ада даҽа дунеик саҵкарны схы ахьысымбоу акәу, иахьа Аԥсны акәша-мыкәша имҩаԥсыуа ахҭысқәа зегьы, иџьашьаны ада исызсыдкылом.
Арҭ аполиттехнологцәа рус аҿы, иаазгаз роума, иаазышьҭыз роума, дара амӡанрақәа рхаҭақәа, ҳзакәанқәа амш рылазгоз роума, аӡәгьы акагь ихарамзаап, изхароу избаз ракәхеит. Зыцәгьа зыҵыҵыз аган, ақәыӡбара, ма ахырқьира, ианамуӡах ақәҿымҭра аҭыԥан, аҩ-ганкгьы ацәгьаура ҟазҵаз ракәымкәа, избаз ахьдырхәырц иаҿуп.
Ишԥа сыдыскылар акәу сара, Аԥсны атәылауаҩ, ҳтәылауаа рганахь, ҳгәылацәеи, ҳаиҳабырааи рхымҩаԥгашьа?
Сара сылкаа: иҳамаӡам, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥызҵаз аԥсуажәлар рыԥсадгьыл аҿы рзинқәа зыхьчауа аиҳабыраа.
Аҭыԥынтәи алхрақәа, уи ҽазыҟаҵаран. Иааиран иҟоуп, жәлар реизарахь алхрақәа. Иҳаилдыркаарц иаҿуп, ҳгәылацәа рнацәа зқәыркуа хьаҳәа-ԥаҳәада, дсаҟаҭзаргьы, абжьы иҭара ҳахәҭоуп ҳәа. Аҭыԥантәиқәа, ҳгәылацәа рыдҵанагӡаҩцәа, рнапы ианҳәылауа ҳчынуаа, ҳаиҳабыраа, анапҩахаҩцәа рыда, рхы аџьыка ықәырхырц иалагоит, Кан Кәарҷиа иеиԥш иҟоу, аполитикатә гәыӷьра змоу аԥсуаа, уахь инармышьҭырц.
Сзинқәа сымызхырц иалагауа, сыҩнаҭаҿы, сыԥшәмара сымазкырц згәы иҭоу, дызмилаҭзаалакгьы, сара сизыразым, дысҩызам.
Ԥышәара дуӡӡахоит аԥсуаа ҳзын, иааиран иҟоу алхрақәа. Ишыҟаҳҵалац еиԥш, иреиӷьқәоу ҳрыгәҭасны, анапҩахаҩцәа алаҳхыр, дҩыларак аҳасаб ала мацара инханы иҟоу ҳхьыԥшымра, анышәеиҩыжаа иаҳҭоит.
