Асовет мчра ахаан аԥсуа школқәа анадыркуаз, ақырҭшәахь ииаганы аҵара анырҵуаз ҳабацәа рхаан, иаарыкәаршаны амилаҭеилаԥса анынхоз ақалақьуаа уҳәа убас егьырҭ аҭагылазаашьқәа ирхырҟьаны аԥсшәа ззымдыруаз, ма иззымҳәоз аԥсуаа маҷҩымызт. Аԥсадгьыл ахьчара анаҭахха абызшәа здыруаз ма иззымдыруаз ала акәӡам ишныҟәаз, агәыблырала ауп. Имаҷҩым абызшәа ззымдыруаз иҭахаз рхыԥхьаӡараҿгьы.
Уи аҭоурых иҟаз ауп.
Аха иззеибашьуазеи аԥсуа жәлар зықьҩыла иреиӷьыз рхаҭарнакцәа рыԥсы ақәҵаны?
Изаҳҭахызи ахақәиҭрагьы ахатәы ҳәынҭқаррагьы?
Иарбан зегьы реиҳа иԥшьаны ирымоу аԥсуа жәлар рзы Анцәа ду иишаз ада?
Адгьыл аума? Мамзар аԥсадгьыл?
Изыҟалома Аԥсынра аԥсуаа рзы рхы зқәырҵаша ԥсадгьылны ркультуреи, раԥсуареи рбызшәеи рцәыӡыр?
Иаԥсыуааны иаанхома ус иҟалар иаанхаз? Анцәа ираҭәишьома убри ашьҭахь рхатәы ҳәынҭқарра акәым иара ус баша абри аҩыза адгьыл иаԥшәыманы иаанхарц?
Абарҭ рзоуп изшоу аԥсуа милаҭ, абарҭ рзоуп израҭәашьоу Аԥсынра, убри ауп ажәлар ршьала аҿыхра иҟарҵаз ҵакыс иамоу.
Нас ус анакуха аибашьра ашьҭахь 30 шықәса иреиҳаны абызшәа ҳзымҵеит ҳәа аҳәара азин ҳамоума аԥсуаа?
Сара схаҭа грас исымоуп сбызшәадырра, сыхшаара ртәы аҵкьыс еицәоуп аҭагылазаашьа. Изыхҟьаз атәы аҳәара салагар иагьа мзыз цәырызгап. Изхаразаалакгьы сара соуп еиҳа ахара зду. Аиаша иашоуп, абызшәа адырра иаҳуалуп аԥсуаа.
Атәым милаҭ хьаас измоу рзы сақәшаҳаҭуп абызшәадырра уалны макьана аԥсуаа рзы мацара аҟаҵара, егьырҭ ҿҳәарак рыҭаны. Ижәбап ирымҵозар изҭахыу.
Аха уи аҩыза азакәан адискриминациатә ҟазшьа аиуоит зҳәогьы дҟалашт. Аԥсуа убызшәа умҵар ҟалом ҳәа иаҳәара дискриминациоуп ҳәа аусӡбарҭаҿы инеиуа илакыҵ уҭаԥшны зҵаарак иҭатәуп.
Абызшәа аҵара азин шәымаӡам анырҳәоз иҟази? Уахынла ақырҭшәа нҵамҭақәа ҵәаӷәаны аԥсышәала изыҩуаз агәымшәара аазырԥшуаз аԥсуа хацәа зҿызи? Қарҭ иганы иҭаркуаз, идыргәаҟуаз, абызшәазы иршьоз аԥсуаа хәмаруазма? Рыԥсы злаҭынчхари убарҭ зегьы аԥсуа изы аԥсуа бызшәа адырра дискриминациоуп ҳәа раҳар.
Ԥсаҭа шкәакәа аԥсшәа ҳзырҵоз Ҭаркьыл-ԥҳа И.Е. даасгәаланаршәеит. Иззымдыруа ракәӡам уадаҩрас иҟалаз иахьа, издырырц зҭахым роуп.
