Информационное агентство Аиашара

«АБРАИ АУП ҲАРА ИАҲЗЫҦШУ»

8 июля 2026

Просмотров: 37


Аԥсны аҵыхәтәантәи Аҳәынҭқар Михаил Гьаргь-иԥа Чачба иԥа аиҳабы Гьаргь Михаил-иԥа Чачба иԥсымҭаз аԥсуа жәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара (иуасиаҭ):

«Сашьцәа Аԥсуаа!

Ҳара ҳабацәа, ҳабацәа рашьцәа, ҳашьцәа Аԥсадгьыл ахьӡи уи ахақуиҭреи рзы игәаҟуан, рхы ақәырҵон. Урҭ рдоуҳатә ҩаӡареи рхақәиҭреи иаҭахӡамызт, иагьаднакыломызт Аурыс система амчра; иагьауамызт аԥыхра зқьышықәсала иԥшьаз урҭ рқьабзқәеи, рҵасқәеи, уи азоуп урҭ бџьаршьҭыхла изаҿагылаз иӷәӷәаӡаз усҟантәи Урыстәыла иҳазгуакьоу Аԥсны азы ақәԥара. Урҭ рахьынтә имаҷҩым иаԥылаз аԥсра, зықьҩыла иаҵаӡуан Сибратәи аҵааршәыреи, Урыстәылеи, аиҳаракгьы жәанызықьҩыла, иҟалаз амчымхара иахҟьаны Тырқәтәылаҟа ихҵәеит, аха ршьамхгьы адмырсит ацәгьауцәа рҿаԥхьа рхы ҳаракны ишыркыц иркын.

Абас ауп ҳара ҳабиԥарақәа шазықәԥоз ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ҳаԥсадгьыл азы. Ҩаԥхьа ҳзызхьаауаз ахақәиҭра аамҭа ҳанҭагылеит ҳаргьы иаҳхылҵуагьы. Уи ҳгәҳҽанӡамкуа иҳауааит, ҳара шьақаҭәарак ҟамҵакәа - ус ианын ҳлахьынҵа.

Аԥсуаа! Ҳара ҳабацәа рҳаҭгәынқәеи, насгьы атәым жәҩан аҵаҟа иӷызуа ҳашьцәа рыбжьи иҳаԥхьоит еиқәшәырха ахақәиҭра, иагьышьақәшәырӷәӷәа иара ҳәа! Мшәан, ҳабацәа ҳрыԥсаӡами ҳара?

Ҳҽеидаҳкылап иҳазгәакьоу таацәарак еиԥш –ҳаԥсадгьыл Аԥсынтәыла ашәарҭара иҭагылоуп. Урыстәыла зегьы, нас уахьынтәи Кавказ иалоуп ауаа, рыхгьы цәырыргоит ажәлар рхьаа иаԥхьагылоушәа, ирыладырҵәоит еиҟаразароуп, еиҟарауаахароуп зегьы зинла, малла-шьаллагьы, аха уи аҩыза адунеи лашараҿы иҟаӡам, ҟалашьагьы амаӡам.

Ус еиԥш иҟоу ауаа амал змами, амал змоуи ауаа еичдырчоит, еиҿадыргылоит, убас еԥш еиларцалоит ауаажәларратә ԥсҭазаара, ажәлар ҭоурыхла ишьақәдырӷәӷәахьоу рхатә ԥсҭазаара еиланарбгоит. Уи аҩыза аларҵәарақәа ҳара лабҿаба иаабоит Урыстәыла. Ари амчра дуӡӡа змоу, миллион рацәала иҟоу аҳәынҭқарра зынӡаск еилаҳаит, царҭа змам аҟынӡа, иҟоуп ахықәхрахьгьы иқәгылоу.

Иахьыр алшоузеи ҳара ҳ-Аԥсынра хәыҷы, абри аҩыза-ҳалацәажәар ҳаҩныҵҟа!

Ас еиԥш иҟоу аларҵәаҩцәа убри аҟынӡа инаргоит, аԥа дырхамыӡгыло иҭаацәа, аишьцәа ажәақәа еимаркуа, агәылацәа еибаҭахымхо, аиҳабгьы дҟамло, аиҵыбгьы дҟамло, иқәӡаауеит алеишәа, ақьабз аҵас. Аԥсуаа игәыразу, иаԥсоу амилаҭ ҳәа Кавказ зегьы рҿы ҳардыруеит, ҳара зегь ҳӷархоит, иагьаанхаӡом ҩнаҭакгьы жәаҩык ауаа ахьеидтәало, аԥсуаа ҳнарылаӡыҭуеит егьырҭ амилаҭқәа, иагьаҳцәыӡышт ҳаԥсадгьыл.

Абри ауп ҳара иаҳзыԥшу!

Изусҭцәада арҭ аларҵәацәа?

Шәҟәыла мацара иааӡоу арԥысцәа зыжәлар рҭоурыхи ркультуреи иазхьамԥшуа, насгьы азакәанқәа адунеи зегь еибаркны измоу ирмыхәаԥшӡакәа ирҭахуп иаларгаларц дара зыԥхьо шәҟәқәак рҿы иарбоу дацгьы-ԥашәгьы змам ҳара ҳаԥсадгьыл азы.

Сашьцәа аԥсуаа!

Иҟаӡам ҳара ҳабжьараҿ  амалуаа, иҟам агуаҟцәа – зегьы ҳхәы ҳаҭәҳәан краҳфоит; насгьы ҳара аԥсуаа, аҭауадцәагьы, аамысҭацәагьы, анхаҩгьы – аишьцәа гәакьақәа ҳауп – аԥсадгьыл Аԥсынтәыла ҳаҵеицәоуп.

Ҳара-ҳара ҳаиҵашьыцуа иҟахамҵап. Аҵашьыцра бааԥс ҳалазҵо аџьныш иоуп. Еиқәҳаршап ҳнапқәа еишьцәаҵас, ҿаҭахьа уны ҳцалап ҳаивагыланы ԥхьаҟа, ҳажәҩахыр еибыҭаны, ҳабацәа реиԥш, ҳабиԥарақәа реиԥш ҳаԥсадгьыл аиқәырхаразы.

Аԥсынтәыла аиқәырхаразы еилшәарада ҳақәныҟәароуп ҳҳәынҭқарра ақьабызқәа, мамзар иарбанызаалак ажәлар қьабзда анхара амҩа иқәло – иқәӡаауа жәларуп».

Гь.М. Чачба. Аҟәа, жәабранмза 11, 1918 ш.
***   ***   ***  

P.S. Аԥсны аҵыхәтәантәи Аҳәынҭқар Михаил Гьаргь-иԥа Чачба иԥа аиҳабы, 1866 ашықәс инаркны Аԥсны Аҳәынҭқар итәарҭа ахҭылҵ Гьаргь Михаил-иԥа Чачба диит цәыббрамза 25, 1846 шықәсазы, Лыхны; - иԥсҭазаара далҵит жәабранмза 19, 1918 шықәсазы (71 шықәса), Аҟәа.

Азгәаҭа: Раԥхьаӡа акәны Гь.М. Чачба иааԥхьара (иуасиаҭ) атекст аурыс бызшәахьтә аԥсшәахь еиҭеигеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны ауаажәларратә усзуҩ Амиран Гьаргь-иԥа Какалиа.

https://www.facebook.com/groups/493746461153074

в

в

е

р

х